Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр  ҧасатәи ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Лордқьиҧаниӡе ашьауҕа иқәырҵеит Саакашвили закәандарала аҳәаа ахысраҿы дахьицхрааз азыҳәан
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр  ҧасатәи ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Лордқьиҧаниӡе ашьауҕа иқәырҵеит Саакашвили закәандарала аҳәаа ахысраҿы дахьицхрааз азыҳәан

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр  ҧасатәи ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Лордқьиҧаниӡе ашьауҕа иқәырҵеит Саакашвили закәандарала аҳәаа ахысраҿы дахьицхрааз азыҳәан.

«Саакашвили ила закәандарала аҳәаа ахысра афакт иадҳәаланы ишеилкаахаз ала, Гьаргь Лордқьиҧаниӡе Михаил Саакашвили  закәандарала Қырҭтәыла аҳәаа ахысра шиҭахыз идыруан, иара дицхраарц азыҳәан, Лордқьиҧаниӡе аплан еиқәиршәеит.

Гьаргь Лордқьиҧаниӡе  ахара зду Е.Ц.  диҧыланы,  аҧара иҭаны,  иеидаратә машьынала Михаил Саакашвили Қырҭтәыла аҳәаанӡа днеигарц диҳәеит.

2021 шықәса цәыббра агәҭаны, Гьаргь Лордқьиҧаниӡе  усҟан Қырҭтәыла иҟаз Е.Ц. еиҭах дизасын, Украинаҟа днеирц диҳәеит.

Цәыббра 20 рзы   Е.Ц., иара итәу аидаратә машьына  SCANIA ала Украинаҟа ддәықәлеит. Уаҟа имашьына ахшлыҵ ақәҵаны, Гьаргь Лордқьиҧаниӡе иҟынтә анеҩстәи адҵа дазыҧшын.

Цәыббра 26 рзы Михаил Саакашвили, Гордқьиҧаниӡе имашьынала, Черноморс абаҕәазашҟа днаганы, Е.Ц. иеиҭадаратә машьынаҿы заанаҵы идырмазеиз аҵәахырҭа дҭартәаны,  апаран ала Украина аҳәаа иахысит», —  иануп апрокуратура аинформациаҿы.

Апрокуратура адыррақәа рыла, Гьаргь Лордқьиҧаниӡе ахара идуп Қырҭтәыла ашьауҕатә закәанҧҵара  25,344 ахәҭаҷ ала.

Гьаргь Лордқьиҧаниӡе  ахара идуп 2011 шықәса лаҵара 26 рзы Русҭавели имҩаду аҿы амитинг аимппара аан амаҵзураҭыҧ цәгьашақә ахархәаразы. Уажәазы Қарҭ ақалақьтә аӡбара ари аус иахәаҧшуеит.