Автомобилтә мҩақәа рдепартамент – Автомагистральқәа зыхә шәатәу арежимахь риагара азҵаара ҳахәаҧшуам
Автомобильтә мҩақәа рзы адепартамент ахаҭарнакцәа мрагылара-мраҭашәаратә магистраль зыхә шәатәу арежимахь аиагара иадҳәаланы аларҵәара зауз аинформациа иақәҿырҭит.
Адепартаментаҿ ишырҳәаз ала, Рикоҭтәи амагистраль аума, атәылаҿ иҟоу егьырҭ амҩақәа роума, зыхә шәатәу арежимахь риагара азҵаара ахәаҧшра ргәы иҭам.
„Амедиахархәагақәа иаладырҵәаз астатиаҿы иарбоу агәаанагара аинтерес аҵоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит, ари атема аҵакы ду амоуп, аха, аларҵәара зауз аинформациа ииашам. Жәларбжьаратәи апрактикаҿы амҩақәа аҧара рзоушьҭреи рхылаҧшреи еиуеиҧшым амодельқәа иҟоуп, абри аҩыза азҵаарақәа акомплекстә анализ рзутәуп, ауааҧсыра заанаҵы аинформациа рызцәыргатәуп.
Иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахуп иахьазы Қырҭтәыла ауааҧсыра атәылаҿы иҟоу амҩақәа зегьы хәыда-ҧсада рхархәара шрылшо, ари ахырхарҭала изакәызаалак аиҭакрак ҟалом.
Амедиахархәагақәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ауааҧсыра ҷыдала изызҿлымҳау азҵаарақәа ирыдҳәаланы аинформациа аналадырҵәо, иашьашәалоу аусбарҭақәа рофициалтә позициа еилыркаарц“, – иануп Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аҳәамҭаҿы.