Млеҭа-Гудаури амҩатә цыҧҵәахаҿы атранспортла аиҭаҵра ҟалом
Млеҭа-Гудаури амҩатә цыҧҵәахаҿы атранспортла аиҭаҵра ҟалом

 

Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара амилаҭтә агентра адыррақәа рыла,  Млеҭа-Гудаурии  Гудаури (Поста)-Кобии амҩатә цыҧҵәахақәа рҿы асыҧса ашәарҭара дууп, убри аҟынтә, арҭ ацыҧҵәахақәа рҿы атранспортла аиҭаҵра ҟалом.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра Автомобилтә мҩақәа рдепартамент.

«Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациа инақәыршәаны,  Степанҵминда-Ларс амҩатә цыҧҵәахаҿы атранспорттә хархәагақәа зегьы иаанымгылакәа еиҭаҵуеит», — иануп аинформациаҿы.