Иахьа Шәамахьтәыла апарламенттә алхрақәа мҩаҧысуеит.
Аҧыза-министр Никол Ҧашиниани ипартиеи апарламентаҿ аиҳара аиура иазықәҧоит, ауааҧсыра ргәаанагара аҭҵаара алҵшәақәа инрықәыршәаны, Ҧашиниан ипартиа иадгылоит 32% алхыҩцәа.
Ҧашиниан ипартиа аиндаҭлаҩцәа роуп Урыстәыла иадгыло апартиақәеи алиансқәеи, урҭ рҟынтә зегьы реиҳа иҕәҕәоуп амиллиардер Самвел Карапетиан ипариа «Шәамахьтәыла ҕәҕәа». Уажәазы Карапетиан аҩнытә баандаҩтәраҿы дыҟоуп, иара аҳәынҭқарратә аарҳәра аҽазкра ихарарҵоит.
Иара убас, алхрақәа ирылахәып «Алианс Шәамахьтәылеи» уи алидери, атәыла ҧасатәи ахада Роберт Кочариани, Гагик Царукиан ипартиеи.
Шәамахьтәыла абжьыҭира азин рымоуп 2,5 миллионҩык алхыҩцәа.