Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра – Аԥхьатәи авизатә еиҿкаара аилатәара Бриуссель ақалақь аҿы имҩаԥысуеит
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра – Аԥхьатәи авизатә еиҿкаара аилатәара Бриуссель ақалақь аҿы имҩаԥысуеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ишьақәнарӷәӷәеит, авизатә усқәа рзы актәи аилатәара Бриуссель ақалақь аҿы, жәабран мза 11 рзы ишымҩаԥысуа.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла Актәи аканал ахь адырра ҟарҵеит, аиԥылара иазку Қырҭтәыла аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа рхы аладырхәуеит ҳәа.

Европатәи Акомиссиа амиграциеи аҩныҵҟатәи аусқәеи рзы Адиректорат Хада ааԥхьарала, Қырҭтәылатәи агани Европатәи Акомиссиеи рыбжьара адиалог аҳәаақәа ирҭагӡаны актәи аиԥылара мҩаԥысуеит. Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Жәларбжьаратәи азинтә, аконсултә, адиаспоратә усқәа рзы Адиректорат Хада наԥхгара зиҭо Қырҭтәылатәи аусбарҭақәа рхы аладырхәуеит.