Серж Саргсиан  – Шәамахьтәыла, зеиҧшҟамлац ала, аҳәынҭқарратә ресурсқәа рхы иадырхәоит
Серж Саргсиан  – Шәамахьтәыла, зеиҧшҟамлац ала, аҳәынҭқарратә ресурсқәа рхы иадырхәоит

Шәамахьтәыла ахҧатәи ахада  Серж Саргсиан иҳәамҭала, атәыла анапхгара абас алхратә процесс  рҽаларгало ахаан имбацт. Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит ажурналистцәа данрацәажәоз.

Саргсиан иажәақәа рыла, иара жәаба инареиҳаны алхрақәа дрылахәын, аха, абри аҩыза аҽалагалара ахаан имбацт.

«Зеиҧшҟамлац ала аҳәынҭқарратә ресурсқәа рхархәара афактқәа аабоит», — иҳәеит иара.

Европатәи анаҧшцәа ари апроцесс азы ақәҿыҭра ҟарҵома ҳәа ажурналистцәа ианиазҵаа, иара мап ҳәа иҳәеит.

«Акгьы ҟарҵом, акгьы рымбоушәа рхы мҩаҧыргоит, избанзар, рнапхгаҩцәа аконкреттә хықәкқәа рымоуп, дара аргама, иҳаракӡоу аҩаӡараҟны, аҽазышәара ду аадырҧшит», — иҳәеит  Саргсиан.

Ажурналистцәа иазҵааит Ҧашиниан даҵахар, аоппозициаа уадаҩрада амчра риҭома ҳәа.

«Аоппозициаа аиааира ргар, аӡәгьы рбыжьқәа рызрымихуам», — иҳәеит  Саргсиан.