Шәамахьтәылатәи АИХқәа -  Аблок «Шәамахьтәылеи»  «Шәамахьтәыла ҕәҕәеи» аштаб-уадақәа рҿы  аимдарақәа мҩаҧысуеит
Шәамахьтәылатәи АИХқәа -  Аблок «Шәамахьтәылеи»  «Шәамахьтәыла ҕәҕәеи» аштаб-уадақәа рҿы  аимдарақәа мҩаҧысуеит

Шәамахьтәыла, Гиумри ақалақьаҿ аимдарақәеи абаандаҩтәрақәеи мҩаҧысуеит. Шәамахьтәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, иахьа ашырҧаз, аҭыҧантәи аамҭала асааҭ 5 рзы, аблок  «Шәамахьтәыла», аштаб,-уадаҿы аимдарақәа иалагеит, апарламент алахәылазааразы акандидат  Асмик Сахрадиан даанкылоуп.

Иара убас, АИХқәа ишаарыцҳаз ала, аимдарақәа мҩаҧысуеит ауаҩы изинқәа рыхьчаҩ  Карапет Погосиан инхарҭеи   «Шәамахьтәыла ҕәҕәа» аштаб-уадеи рҿы.

Самвел Карапетиан ажурналистцәа данрацәажәоз ари афакт дахцәажәеит.

«Адукатцәа иаанкылоу ауаа рахь инеихьеит. Ауаа рацәа аанкылоуп. Спланқәа уаҵәы срылацәажәоит, иахьа рылацәажәара шәарҭаоуп. Сгәалаҟазаара бзиоуп, ауаа ақәҧара иазыхиоуп. Алхрақәа ииашаны имҩаҧгазароуп, уи аҵакы ду амоуп. Шәааи, ҳтәыла аҧеиҧш ҳаӡбап атәыла аҩныҵҟа, аҳәаанырцәынтә иҳарҭо адҵақәа ҳарзымӡырҩкәа», — иҳәеит  Карапетиан.