Стампыл Қырҭтәылеи, Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа  ахәбатәи х-ганктәи реиҧылара мҩаҧгахоит
Стампыл Қырҭтәылеи, Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа  ахәбатәи х-ганктәи реиҧылара мҩаҧгахоит

Рашәара 8 рзы Стампыл Қырҭтәылеи, Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа  ахәбатәи х-ганктәи реиҧылара мҩаҧгахоит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аминистрра адыррақәа рыла, аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа рхаҭарнакцәа адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа  еицыҟарҵо аҳәамҭа – Стампылтәи адекларациа рнапы аҵарҩуеит.

Аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧылгоит. Лара Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ҳакан Фидани Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеиҳан Баирамови дырҧылоит.