Илиа Дарчиашвили  - Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҟны аусеицура аҵакы ду амоуп, ари аиҿкаара иахьатәи апроблемақәа рыӡбараҿы ҕәҕәала ҳтәыла иацхраауеит
Илиа Дарчиашвили  - Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҟны аусеицура аҵакы ду амоуп, ари аиҿкаара иахьатәи апроблемақәа рыӡбараҿы ҕәҕәала ҳтәыла иацхраауеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәамҭала,   Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҟны аусеицура аҵакы ду амоуп.

Иара иажәақәа рыла,  ари аиҿкаара иахьатәи апроблемақәа рыӡбараҿы ҕәҕәала Қырҭтәыла  иацхраауеит.

Иара убас,  Илиа Дарчиашвили ишазгәеиҭаз ала, егьырҭ аиҿкаарақәа реиҧшҵәҟьа,  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкааразгьы Украина иаҿагыло урыстәылатәи агрессиа азҵаара аҧыжәара амоуп, ари аиҿкаара иалоу атәылақәа зегьы абарҭ азҵаарақәа рыӡбаразы аус еицыруеит.

„Аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара иалоу аҳәынҭқаррақәа зегьы  ҩымш рыҩныҵҟа иалацәажәоит ҳрегионаҿ иҟоу ихьанҭаӡоу апроблемақәа рыӡбаразы аконсолидациа шеиқәдыршәаша.  Аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны,  ҳара Қырҭтәылагьы ҳалацәажәеит. Ҳтәылаҿ иҟоу апроблемақәеи,  аҳасабтәқәеи,  ампыҵахалареи ҳазааҭгылеит  – ҳпартниорцәа абарҭ ахырхарҭақәа зегьы рыла адгылара ҕәҕәа ҳзаадырҧшит“, – иҳәеит Илиа Дарчиашвили.

Ақырҭуа министр дҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Украина ишадгыло.

„Ҳра еснагь иҳҳәоит Украина аҵакырадгьылтә акзаареи ахьыҧшымреи ҳшадгыло.  Ҳпартниорцәа ҳрывагыланы,  ари амҩа наҳагӡоит“, – иҳәеит Илиа Дарчиашвили.