Иенс Столтенберг - Аидгылаҩцәа еиқәшаҳаҭхеит егьырҭ апартниорцәагьы ҳашрыцхраауа, Нато-Қырҭтәыла апакет хырхарҭала Қырҭтәыла адгылара ҳарҭбаауеитит
Иенс Столтенберг - Аидгылаҩцәа еиқәшаҳаҭхеит егьырҭ апартниорцәагьы ҳашрыцхраауа, Нато-Қырҭтәыла апакет хырхарҭала Қырҭтәыла адгылара ҳарҭбаауеитит

Арегионтә партниорра адгылара аҵак ду амоуп.  Аидгылаҩцәа еиқәшаҳаҭхеит егьырҭ апартниорцәагьы ҳашрыцхраауа, Нато-Қырҭтәыла апакет хырхарҭала Қырҭтәыла адгылара ҳарҭбаауеит, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Адәныҟатәи аусқәа рминистериал ашьҭахь имҩаԥгаз апрессконференциа аҿы.

“Аидгылаҩцәеи апартниорцәеи Украина, Буча аҭыԥ змаз ацәгьаура ҳаҿагылоит. Аҭак зыԥхықәу ахаҿқәа зегьы ақәнагаа рықәҵатәуп, аусԥшаара жәларбжьаратәи аҩаӡараҿ мҩаԥгатәуп”, – иҳәеит Иенс Столтенберг.

Алианс амаӡаныҟәгаҩ иажәақәа рыла, Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба адгылаҩцә дырԥылоит.

“Аидгылаҩцәа активла аусура иаҿуп, урҭ амотивациа рымоуп, украинаа ирыцхраарц рҭахуп, рхатә тәылақәа, тәылауаа рыхьчарц, урыстәылатәи ар икарцырц рҭахуп. Аидгылаҩцәа афинанстәи агуманитартә адгылара дырӷәӷәоит.  Ҳара акибершәарҭадара аганахьала адгыларагьы ҳахцәажәеит. Иара убас, Украина ахимиатәи абиологиатәи ашәарҭақәа рҟынтә аҽацәыхьчараҿ ҳрыцхраауиет. Аидгылаҩцәа еиқәшаҳаҭхеит егьырҭ апартниорцәагьы ҳашрыцхраауа, Нато-Қырҭтәыла апакет хырхарҭала Қырҭтәыла адгылара ҳардууеит. Иаҳҳәап, аимадареи акибершәарҭадареи рырхарҭала. Босниеи Герцеговинеи ахыхьчаратә алшарақәа рпакет азҳара ҟалоит. Ҳара ари ахырхарҭала ҳаиқәшаҳаҭхеит”, – иҳәеит Столтенберг.