Михаил Саакашвили - Сара хәынтә Қырҭтәыла арыцҳара ду аҟынтә еиқәсырхахьеит, аха, 2012 шықәсазы уи сзыҟамҵеит, агәра ганы сыҟоуп Иванишвили идиктатура ахҳәара ашьҭахь Аҧсны шыхынҳәуа, аҳҭнықалақьс Аҟәа иҟалароуп
Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ишиҳәаз ала, иара хәынтә Қырҭтәыла арыцҳара ду аҟынтә еиқәирхахьеит.
Аӡбаратә процесс аан иара ишиҳәаз ала, 2012 шықәсазы уи изыҟамҵеит, 2021 шықәсазы атәыла аиқәырхара иҽазикит, уажәгьы Қырҭтәыла аиқәырхара дазыхиоуп.
«Ишубарҭоу ала, Зураб Ноҕаидели аҿахәы аҭаразы днеиуеит. Сара, хымҧада, аҧсадгьыл ачарҳәаҩы иҿахәы имхра апроцессашҟа снеиуеит. Абҵара 7 рзы иҟалаз ахҭысқәа Қырҭтәыла аиқәырхара иазкын. Сара хәынтә Қырҭтәыла арыцҳара ду аҟынтә еиқәсырхахьеит, аха, 2012 шықәсазы уи сзыҟамҵеит. 2021 шықәсазы атәыла аиқәырхара сҽазыскит. Аибашьрақәа ракәымзҭгьы, ари ахықәкы наҳагӡон. Уажәгьы Қырҭтәыла аиқәырхара сазыхиоуп. Агәра ганы сыҟоуп Иванишвили идиктатура ахҳәара ашьҭахь Аҧсны шыхынҳәуа, аҳҭнықалақьс Аҟәа иҟалароуп.
Ахақәиҭра уазықәҧароуп, ацәажәара мацара иазхом, ари ақәҧараҿы ухы уамеигӡароуп, сара ари аганахьала сҿырҧшыгоуп», — иҳәеит Михаил Саакашвили.