Михаил Саакашвили – Сара "Акәалаҧса иазку" аус азы исыдырҵаз ахара мацара сақәшаҳаҭым, избанзар, мраҭашәаратә сҩызцәа рахь ааҧхьара ҟасҵон асанкциақәа шьақәдыргыларц, ааҧхьара аҟаҵара насыгӡоит
«Сара “Акәалаҧса иазку” аус азы исыдырҵаз ахара мацара сақәшаҳаҭым, избанзар, мраҭашәаратә сҩызцәа рахь ааҧхьара ҟасҵон асанкциақәа шьақәдыргыларц, наҟ-наҟгьы ааҧхьара аҟаҵара насыгӡоит», — иҩит Саакашвили асоциалтә аҳаҿы.
Иахьа Қырҭтәыла Апрокуратура хадаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ишеилкаахаз ала, Михаила Саакашвилии, Гьаргь Вашаӡеи, Ника Гварамиеи, Никанор Мелиеи, Зураб Џьаҧариӡеи, Елена Хоштариеи, Мамука Хазараӡеи, Бадри Џьаҧариӡеи рзы ашьауҕатә ус хацыркуп.
Михаил Саакашвили аконституциатә аиҿкаара мчыла аҧсахреи аиҳабыра рыхҳәареи азы аргама ааҧхьара аҟаҵаразы ахара идуп.