Михаил Саакашвили — «Апарламенттә комиссиа» «ацәгьауратә аибашьра» алагара схараҵаны, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа де-иуре рызхаҵаразы ашьаҭа аҧырҵоит
Иванишвили ихықәкы хада — апровокациақәа реиҿкаареи, аполитикатә оппонентцәа мчыла анапхгара рыхҳәара аҽазкра рхараҵареи, урҭ рбаандаҩтәреи, апартиақәа рқәиҭымтәреи, ателеканалқәа рыркреи ауп, — иҩит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили асоциалтә аҳаҿы.
Саакашвили ишиҩыз ала, нанҳәазы «апарламенттә комиссиа» аихшьаала цәырнагоит, уи аҿы иареи, насгьы, Қырҭтәылеи «ацәгьауратә аибашьра» алагара рхарарҵоит.
«Иванишвили Қырҭтәыла «Нанҳәа еиқәа» азы иазыҟаиҵоит. Иара ихықәкы хада — апровокациақәа реиҿкаареи, аполитикатә оппонентцәа мчыла анапхгара рыхҳәара аҽазкра рхараҵареи, урҭ рбаандаҩтәреи, апартиақәа рқәиҭымтәреи, ателеканалқәа рыркреи ауп.
Нанҳәа 7 рзы иара ФСБ аҟынтә иҧшәмацәа аҳамҭа бзиа рзыҟаиҵоит, аурысцәа ирхәыцыз «апарламенттә комиссиа» аихшьаала рызцәыригоит, уи аҿы сареи, насгьы, Қырҭтәылеи «ацәгьауратә аибашьра» алагара ҳхарарҵоит. Убри ала Урыстәылаҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылареи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рхьыҧшымра де-иуре азхаҵареи азы ашьаҭа аҧырҵоит.
Иванишвили абри зегьы нанҳәазы изыҟаиҵои? Аурысцәа нанҳәазы изҳақәлаз абри амзызҵәҟьала. Нанҳәазы ауаа реиҳара рыҧсы ршьоит, мраҭашәаратә политикцәа реиҳара аҧсшьара иҟоуп, иара убас, даараӡа ишоуроуп, уигьы хшыҩзышьҭра аиагара иацхраауеит.
Абри зегьы Кремль еиқәдыршәаз аплан хәҭак ауп. Ахада Зеленскии, Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рлидерцәеи реиҧшҵәҟьа, саргьы абри аҩызаҵәҟьа ахара сыдырҵоит. Иванишвили ихымҩаҧгашьа ақырҭуа жәлар риааира арццакуеит. Акзаароуп мчыс иҟоу!» — иҩит Саакашвили.