Михаил Саакашвили Владимир Зеленски диҳәеит атәылауаҩратә еибашьратә баандаҩцәа рсиа даниҵарц
Михаил Саакашвили Владимир Зеленски диҳәеит атәылауаҩратә еибашьратә баандаҩцәа рсиа даниҵарц

Михаил Саакашвили Владимир Зеленски диҳәеит атәылауаҩратә еибашьратә баандаҩцәа рсиа даниҵарц. Михаил Саакашвили иашьашәалоу ааҧхьара алаирҵәеит асоциалтә аҳа  «Феисбук» аҿы.

«Сара исыдҳәалоу азҵаарақәа рзы шәсыргәамҵыр сҭахым,   избанзар, шәусқәа шырацәоу здыруеит. Адгыларазы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Аха, сшәыдымҵаалар ҧсыхәа сымам. Иацы ахәшәтәырҭантә абахҭашҟа сиаргеит, ашҳам сызҭаз аусзуҩцәа рахь сдырхынҳәит. Сара ашҳам сырҭеит  2022 шықәса хәажәкыразы, аибашьра ианалага ашьҭахь. Ашҳам шсырҭаз шьақәдырҕәҕәеит америкатәи германтәылатәи алабораториақәа. Аханатәгьы Путин иакәын исышьҭацалоз, Медведеви Лаврови изныкымкәа иалаҽхәаны ирҳәеит сара сышҭаркыз.

Аханатә исыдырҵаз ахара изакәызаалак шьаҭак аҵамызт. Қырҭтәыла усҟантәи аҧыза-министр иаартны иҳәеит ари аус Украина сусура ишадҳәалаз.  Уажәааны сара сзы ихьацырку аус ҿыц аҿы аҕатә атәым ҳәынҭқарра иахәаша адиверсиа схарарҵоит. Аус аматериалқәа рҿы шәареи Михаил Подолиаки шәҳәамҭақәа аарҧшуп.  Ҽакала иаҳҳәозар, Қырҭтәыла азакәандаратә напхгара аргама ирҳәоит Украина аҕатә ҳәынҭқарра ауп ҳәа. Уи уамашәа иубаратәы иҟам, избанзар, аибашьра ианалагаҵәҟьа,  урыстәылатәи аолигарх Иванишвилии идгылаҩцәеи  иаартны Урыстәыла иадгылеит. Убри аҟынтә, лабҿаба иубарҭоуп сара сышьҭацалареи сҧеиҧши аибашьра ишадҳәалоу. Сара Украина сатәылауаҩуп, Амилаҭтә реформақәа рзы ахеилак анагӡаратә комитет сахантәаҩуп. , шәара шәнапхгарала аусура сара сзы ҳаҭыр дуун.  Сшәыҳәар сҭахуп атәылауаҩратә еибашьратә баандаҩцәа рсиа санышәҵарц.

Украинаа руааҧсыра шаанырмыжьуа здыруеит, даараӡа сшәықәгәыҕуеит», — иҩит  Михаил Саакашвили.