Урыстәыла Киев иазымҩаҧнагаз ажәылара ҕәҕәа аан ҧшьҩык ҭахеит, 19ҩык ахәрақәа роуит
Иаха аурыс арбџьармчқәа Киев иазымҩаԥнагаз авиажәылара ҕәҕа мҩаҧыргеит. Ҧшьҩык ҭахеит, 19ҩык ахәрақәа роуит.
Анхарҭатә ҩнқәеи аинфраструктуреи аҧхасҭа ду роуит. Ақалақьаҿ аӡыржәтәи афымцеи иҟам.
Киев арратә администрациа анапхгаҩы Тимур Ткаченко иҳәамҭала, иҭахаз дреиуп ацхыраара лас аҳақьым.
Аҳҭнықалақьаҿ 5 сааҭк ирылагӡаны аҳаиртә шәарҭара рылаҳәан.