Урыстәыла аиадертә азыҟаҵарақәа  рымҩаҧгара  иалагеит 
Урыстәыла аиадертә азыҟаҵарақәа  рымҩаҧгара  иалагеит 

Беларус инаваргыланы,   Урыстәылагьы  аиадертә азыҟаҵарақәа  рымҩаҧгара  иалагеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

Планла иазҧхьагәаҭоу азыҟаҵарақәа мҩаҧысуеит лаҵара  19-21 рзы.

Азыҟаҵарақәа рхы рыладырхәоит астратегиатә зкызаара змоу аракетатә бџьармчқәеи, Аҩадатәи Аокеанҭынчтәи афлотқәеи, хара ихысуа авиациеи, иара убас, Ленинградтәи Ацентртәи арратә округқәа рыхәҭаки.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, азыҟаҵарақәа ирылахәхәоит  64 нызқьҩык иреиҳаны аруааи,  7 800 цыра атехникеи,  140 цыра еиҳаны аҧырратә аппаратқәеи,  73 аҕбақәеи, 13 цыра аӡаҵантәи анышьқәеи.

Беларус аиадертә азыҟаҵарақәа иалагеит лаҵара  18 рзы.