Иацауыаха Москва, Тулатәи Азоттәи азауади, импыҵакылоу Ҟрым дронла ирықәлеит
Иацауыаха Москва, Тулатәи Азоттәи азауади, импыҵакылоу Ҟрым дронла ирықәлеит
Украинатәи аҳаирпланқәа Урыстәыла арегионқәа жәпакы ирықәлеит. Москвеи уи акәша-мыкәшатәи араионқәеи рҿы адронқәа шьҭын. Тулатәи аобласт аҿы иҟоу Азот ахимиатә зауадгьы иақәлеит, анексиа зызу Ҟрым аҿгьы атҟәацрақәа раҳаит.
Москва ақалақь ахада Сергеи Собианин излеиҳәаз ала, Москва ақәылара 02:30 рзы иалагеит. Уи иажәақәа рыла, Москва дронқәа 36 еихсит. Ажәыларақәа ирыхҟьаны Москватәи Домодедово, Внуково, Шереметиево аҳаиртә баӷәазақәа рҿы аԥкрақәа ҟаҵан.
Аннексиа зызу Қрым атәы ҳҳәозар, Керчтәи аӷба ахыҵырҭа азааигәара атҟәацрақәа раҳаит.
Ишәдыруазааит, Азот Урыстәыла иреиҳау ахимиатә наплакқәа иреиуоуп. Ихадоу аалыҵқәа рахь иаҵанакуеит аминералтә чабла, аммиак, азоттә ашьақар, аметанол, егьырҭ ахимиатә маҭәашьарқәа. Азот рхы иадырхәоит Урыстәылатәи аррахь ирышьҭуа амаҭәахәқәа раарыхразы.