Мака Боҷоришвили Хорватиа имҩаԥысраны иҟоу Дубровниктәи афорум далахәхоит

11:08, 26.06.2026
Мака Боҷоришвили Хорватиа имҩаԥысраны иҟоу Дубровниктәи афорум далахәхоит

Қырҭтәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили рашәара мза 26-27 рзы Хорватиа Ареспублика даҭаауеит, уаҟа Дубровниктәи афорум далахәхоит.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра излаанацҳауа ала, Мака Бочоришвили афорум аҿы ажәахә ҟаиҵоит.

Иара убас, аминистр афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩганктәи аиԥыларақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.

Еиԥшу