Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра – ПАСЕ аӡбара аобиективтә, афактқәа рыла ишьаҭарку ахәшьара шьаҭас иамам, ганкахьалатәи аполитикатә хәшьарақәа, Қырҭтәыла иазку амцтә нарративқәа рықәҭыхра аҵоуп
Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра – ПАСЕ аӡбара аобиективтә, афактқәа рыла ишьаҭарку ахәшьара шьаҭас иамам, ганкахьалатәи аполитикатә хәшьарақәа, Қырҭтәыла иазку амцтә нарративқәа рықәҭыхра аҵоуп
Аҳасабырба обиективтәи афакттәи ахәшьара шьаҭас иамам, ганкахьалатәи аполитикатә хышәаарақәеи, Қырҭтәыла иазку амцтә нарративқәа рықәҭыхреи аҵоуп, уи аҳасабырба еилых ҟамҵареи уи аиқәыршәара апроцесси рганахьала акыр зҵазкуа азҵаарақәа цәырнагоит, – ҳәа аҳәоит Қырҭтәыла аусқәа Рминистрра аҳәамҭа аҿы. Аминистрра Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа иаднакылаз аӡбара аҭак ҟанаҵоит.
Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит аҳаҭырқәҵареи агәреибагареи рыла ишьаҭарку аҩганк рзы ихәарҭоу аусеицура ишазхиоу, насгьы Европатәи Ахеилак аинститутқәа рҟынтәи аконструктивтәи ииашоу азнеишьа иазыԥшуп.
«Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа (ПАСЕ) Қырҭтәыла адемократиатә институтқәа русура иазкны иазхиаз аҳасабырба шьаҭас иҟаҵаны, жәабран 24 азы аӡбара рыдыркылеит.
Иарбоу аҳасабырба обиективтәи афакттәи ахәшьара шьаҭас иамам, ганкахьалатәи аполитикатә хәшьарақәа, Қырҭтәыла иазку амцтә нарративқәа рықәҭыхра аҵоуп, уи аҳасабырба еилых ҟамҵакәа, уи аҽазыҟаҵара апроцесс аганахьала акыр зҵазкуа азҵаарақәа цәырнагоит.
Еиҳаракгьы угәы унархьуеит ауаҩы изинқәеи, адемократиеи, азакәан аиҳабыреи рыхьчаразы иаԥҵоу адунеизегьтәи аинститут аполитикатә қәыӷәӷәарақәа рзы еиҳа-еиҳа ахархәара ахьроуа. Ас еиԥш иҟоу аусқәа Европатәи Ахеилак ахаҭа анапхгара иаԥырхагоуп, насгьы аиҿкаара хаҭалатәи аструктурақәа гәыҩбара рызцәырнагоит.
Адемократиа, азакәантә усура змоу аҳәынҭқарра ахьӡала демократиала иалху аҳәынҭқарра ахьӡ абжьыхра ҟалом Аинститутқәа рхықәкылатәи акритика, алхрақәа рыла ироуз аҳәынҭқарратә мандат мап ацәкра зҽазызшәо аполитикатә гәыԥқәа ргәазҭаҵара. Ас еиԥш иҟоу азнеишьа адемократиа арӷәӷәара акәӡам, аха аполитикатә поляризациа арҵаулареи арадикалтә процессқәа ргәазҭаҵареи иацхраауеит.
Асуверентә ҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аполитикатәи азинтәи апроцессқәа рахь еилых ҟамҵакәа азнеишьа ақәшаҳаҭхара ҟалом, амилаҭтә интересқәеи аконституциатә процедурақәеи ирықәныҟәаны ирыдыркыло азакәанԥҵаратә ӡбарақәа рполитикатә хәшьара еиԥш. Иахәҭоу азакәантә ҵаҵӷәы амаӡамкәа, обиективла ахәшьара ҟамҵакәа азакәанқәа рыԥыхра азы адҵа угәы унархьуеит, уи аинституциатә мандат аҳәаақәа ирҭыҵуеит, насгьы аполитикатә ҽалагалара адыргақәа аанарԥшуеит.
Қырҭтәыла аиҳабыра ӷәӷәала ирыхьчоит атәыла асуверенитет, аконституциатә еиҿкаара, ақырҭуа жәлар рдемократиатә алхра. Иарбанзаалак адәныҟатәи аполитикатә қәыӷәӷәара, адезинформациатә кампаниа, мамзаргьы ииашам ахәшьара Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа, аҳәынҭқарратә хьыԥшымреи адемократиатә легитимреи рызхьамԥшра ашьаҭа.
Қырҭтәыла, Европатәи Ахеилак аҭакԥхықәра зду алахәылаҩ, насгьы уи ахәдуқәа рыхьчаҩ иаҳасабала, даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит аҩганк рзы ихәарҭоу аусеицура ишазыхиоу, насгьы Европатәи Ахеилак аинститутқәа рҟынтәи аконструктивтәи аиашатәи азнеишьа ҳазыԥшуп.