Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Урыстәылатәи ар Украина аӡбарақәа рыдкылара ацентрқәа хықәкыла ираахоит
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, урыстәылатәи ар Киев иҟоу аӡбарақәа рыдкылара ацентрқәеи анапхгаратә пунктқәеи хықәкыла ираахоит
„Урыстәылатәи арбџьармчқәа Киев иҟоу арра-ааглыхратә комплекс ааглыхырҭақәеи, иара убас, НАТО аспециалистцәа рыцхыраарала киевтәи арежим адронқәа ахьыҟарҵо аконкреттә ҭыҧқәеи ираахоит. Абарҭ аспециалистцәа аҭак рыҧхықәуп акомпонентқәа рыла украинаа реиқәыршәареи, аҧшыхәратә дыррақәа рыҭареи, ацәҟьарақәа разгәаҭареи азы. Иара убас, аахақәа мҩаҧгахоит аӡбарақәа рыдкылара ацентрқәеи анапхгаратә пунктқәеи рганахьалагьы“, – ирҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
Иара убас, дара ишырәҳаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аобиектқәа зегьы Киев иҟоуп, убри аҟынтә, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адипломатцәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи излауа ала ирласны ақалақь алҵра рыбжьаргоит, иара убас, аҭыҧантәи ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟарҵеит арратәи административтәи инфраструктура ааигәара имнеирц.