Иаха урыстәылатәи  аган Киев аганахьала имҩаҧыргаз ажәылара аан ҩыџьа иҭахеит,  18ҩык ахәрақәа роуит 
Иаха урыстәылатәи  аган Киев аганахьала имҩаҧыргаз ажәылара аан ҩыџьа иҭахеит,  18ҩык ахәрақәа роуит 

Иаха урыстәылатәи  аган Киев аганахьала ажәылара мҩаҧнагеит. Украинатәи амедиа адыррақәа рыла,  ажәылара аан ҩыџьа иҭахеит,  18ҩык ахәрақәа роуит.

Киев ахада Витали Кличко иҳәамҭала, иакымкәа анхарҭаҩнқәа аҧхасҭа ду роуит, машьынак амца ацралеит.

Киев атәылаҿацәтә арратә администрациа анапхгаҩы Тимур Ткаченко ишиҳәаз ала, урыстылатәи аган ажәылара мҩаҧыргеит абаллистикатә ракетала.