Апенитенциартә маҵзура - Иацы Саакашвили игәы бзиамкәа ибеит, иара уааҵәҟьа раҧхьатәи амедицинатә цхыраара ирҭеит, арентгенттә сахьагьы изыҟарҵеит, аха, аахақәа рымбеит
Қырҭтәыла Апенитенциартә маҵзураҿы ишырҳәаз ала, иацы Саакашвили игәы бзиамкәа ибеит, амаҵзура аҳақьымцәа уааҵәҟьа раҧхьатәи амедицинатә цхыраара ирҭеит.
Иахьа Нанука Жоржолиани асоциалтә аҳаҿы аинформациа алалырҵәеит иацы Саакашвили акамераҿы иҧсы маҷхеит ҳәа. Лара лҳәамҭала, Саакашвили данкаҳауаз аахақәа иоуит.
Апенитенциартә маҵзура аҳәамҭа ишану ала, Саакашвили арентгентә сахьа изыҟарҵеит, аха, аахақәа рымбеит.