Михаил Саакашвили аклиника „Вивамед“ аҟынтә апенитенциартә усбарҭашҟа диаргеит
Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили аклиника „Вивамед“ аҟынтә N12-тәи апенитенциартә усбарҭашҟа диаргеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Апенитенциартә маҵзура ҷыда.
„Ажәлар ишырдыруа еиҧш, абаандаҩы Михаил Саакашвили, астационартә медицинатә цхыраара аиура амзызла, 2022 шықәса лаҵара 12 рзы аклиника „Вивамед“ ахь диаргеит, иара уажәраанӡагьы уа дыҟан, иашьашәалоу амедицинатә маҵзура иоуан.
Қырҭтәыла азакәан инақәыршәаны, атәылауаҩратә сектор иаҵанакәа ахәшәтәырҭа аҟынтә апенитенциартә усбарҭахь апациент диаргоит игәабзиара аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны дзыхәшәтәуа аҳақьым идикыло аӡбара ашьаҭала.
Михаил Саакашвили игәы бзиоуп, астационартә хәышәтәра иҭахым, убри аҟынтә, иара атәылауаҩратә сектор иаҵанакәа аклиника аҟынтә N12-тәи апенитенциартә усбарҭашҟа дхынҳәит, уаҟа, азеиҧш аҧҟарала, азыӡба ахгара наигӡоит“, – иануп Апенитенциартә маҵзура ҷыда аинформациаҿы.