Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, анапхгаратә партиа  «Атәылауаҩратә аиқәшаҳаҭра» Шәамахьтәыла апарламентаҿ  61 ҭыҧқәа аиуеит, аблок «Шәамахьтәыла ҕәҕәа» — 28 ҭыҧқәа
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, анапхгаратә партиа  «Атәылауаҩратә аиқәшаҳаҭра» Шәамахьтәыла апарламентаҿ  61 ҭыҧқәа аиуеит, аблок «Шәамахьтәыла ҕәҕәа» — 28 ҭыҧқәа

Шәамахьтәыла апарламенттә алхрақәа ирызкны уажәазы иҟоу аинформациа инақәыршәаны, Шәамахьтәыла Амилаҭтә аизара иалазаауеит аполитикатә 4 мчык: апартиа  «Атәылауаҩратә аиқәшаҳаҭреи», аблок «Шәамахьтәыла ҕәҕәеи», аблок «Шәамахьтәылеи», апартиа  «Ишәҭыкакаҷуа Шәамахьтәылеи».

Амандатқәа абас еизшоуп:

  • «Атәылауаҩратә аиқәшаҳаҭра» — 61 мандат;
  • аблок «Шәамахьтәыла ҕәҕәа» — 28 мандат;
  • аблок «Шәамахьтәыла» — 11 мандат;
  • апарти «Ишәҭыкакаҷуа Шәамахьтәыла» — 5 мандатк.

Ацентртә алхратә комиссиа адырра ҿыцқәа инрықәыршәаны, апарламенттә алхрақәа рҿы абыжьқәа абас еизшоуп:

  • апартиа «Атәылауаҩратә аиқәшаҳаҭра» — 49,81%  бжьы;
  • аблок «Шәамахьтәыла ҕәҕәа» — 23,29%;
  • аблок «Шәамахьтәыла ҕәҕәа» — 9,94%;
  • апарти «Ишәҭыкакаҷуа Шәамахьтәыла» —  4,00%.