Шәамахьтәыла Алхратә комиссиа хада ирҿыцу адыррақәа рыла, Никол Ҧашиниан ипартиа  49,54% абыжьқәа аиуит
Шәамахьтәыла Алхратә комиссиа хада ирҿыцу адыррақәа рыла, Никол Ҧашиниан ипартиа  49,54% абыжьқәа аиуит

 

Шәамахьтәыла Алхратә комиссиа хада ирҿыцу адыррақәа рыла,  уажәазы абыжьқәа 99% иҧхьаӡоуп. Заанаҵтәи адыррақәа рыла,  Никол Ҧашиниан ипартиа  49,54% абыжьқәа аиуит.

Аҩбатәи аҭыҧаҿ игылоуп аблок  „Шәамахьтәыла ҕәҕәа“ – 23,21%, ахҧатәи аҭыҧ ааннакылоит аблок  „Шәамахьтәыла“ – 9,89%.

Шәамахьтәыла Аконституциа инақәыршәаны, апарламентаҿ иҭышәынтәалоу аиҳара ҟамлар,  28 мшы рышьҭахь алхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧгахоит. Аҩбатәи атур рхы аладырхәоит актәи атур аан зегьы реиҳа ирацәаны абыжьқәа зауз ҩ-партиак.