Михаил Саакашвили - „Агәилқәа рреволиуциа“ азы ҩба-хҧа шықәса ҳҽазыҟаҳҵон, иахьа ихадоу акоуп, беларустәи аоппозициаа рыгхақәа ҟаҳамҵароуп, апассивтә протести ашьаҿабжақәеи рҿы ҳаангылар ҟалом
Михаил Саакашвили - „Агәилқәа рреволиуциа“ азы ҩба-хҧа шықәса ҳҽазыҟаҳҵон, иахьа ихадоу акоуп, беларустәи аоппозициаа рыгхақәа ҟаҳамҵароуп, апассивтә протести ашьаҿабжақәеи рҿы ҳаангылар ҟалом

 

Лассы-лассы исаҳауеит аҭагылазаашьа уадаҩуп ҳәа, арежим ҧсыҽхеит, хара имгакәа хымҧада аиҭакрақәа ҟалоит ҳәа. Сара сҧышәа шәыдазгаар сҭахуп,  „Агәылқәа рреволиуциа“ азы   2-3 шықәса ҳҽазыҟаҳҵон, – иҩит  ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили асоциалтә аҳаҿы.

Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа оппозициа беларустәи аоппозициа рыгхақәа ҟарымҵароуп, апассивтә протести ашьаҿабжақәеи рҿы иаангылар ҟалом.

„ Лассы-лассы исаҳауеит аҭагылазаашьа уадаҩуп ҳәа, арежим ҧсыҽхеит, хара имгакәа хымҧада аиҭакрақәа ҟалоит ҳәа. Сара сҧышәа шәыдазгаар сҭахуп,  „Агәылқәа рреволиуциа“ азы   2-3 шықәса ҳҽазыҟаҳҵон. Сара Сербиа саҭааит, уаҟа Милошевич иҿагылаз аиҿкаара  „Отпор“ алидерцәа акыраамҭа срацәажәон. Изныкымкәа Киев снеихьан, апротесттә цәқәырҧа активистцәа срацәажәарц азыҳәан.

„Агәылқәа рреволиуциа“ атактика шьаҭас иаман анапхгара роуранагӡараҿы агхақәа рызҧхьагәаҭареи иахәҭоу аҭак рыҭареи. Уи еиҳангьы, ҳара Шеварднаӡе агхақәа рыҟаҵара идазцалоз апрактикатә  шьаҿақәа ҟаҳҵон.

Уажәы Иванишвили ҳаҧхьаҟа иҟаиҵо азҧхьагәаҭара мариоуп, аха, ишубарҭоу ала, аоппозициаа реиҳара арежим иҟарҵо ашьаҿақәа уамашәа ирбоит.  Ақырҭуа оппозициа беларустәи аоппозициа рыгхақәа ҟарымҵароуп, апассивтә протести ашьаҿабжақәеи рҿы иаангылар ҟалом. Аха, ҳҿари ҳжурналистцәеи афырхаҵара аҿырҧштәы ҳдырбеит. Акоординациа зызуа атактика мацароуп аиааиранӡа ҳназго“, – иҩит Михаил Саакашвили.