Аҳәынҭқарратә реестр Амилаҭтә агентра атәылауаа аинновациатә сервис ҿыц  — «иҟәышу аилаӡарақәа» рыднагалоит
Аҳәынҭқарратә реестр Амилаҭтә агентра атәылауаа аинновациатә сервис ҿыц  — «иҟәышу аилаӡарақәа» рыднагалоит

Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра Аҳәынҭқарратә реестр Амилаҭтә агентра атәылауаа аинновациатә сервис ҿыц  — «иҟәышу аилаӡарақәа» рыднагалоит.

Агентраҿы ишырҳәаз ала, Қырҭтәыла атәылауаа, хазхаҭалатәи анаплакҩы иаҳасабала ашәҟәы рҽанырҵар рылшоит анахарала,  адунеи иарбанзаалак аҭыҧ аҟынтә.

Аинновациатә сервис иамоу аҧыжәарақәа иреиуп аамҭакала шәарҭада аҳасабтәқәа рыҟаҵара.

Асервис ахархәара рылшоит Қырҭтәыла атәылауаҩра змоу ауааҧсыра. Дара Амилаҭтә агентра аофициалтә саит  napr.gov.ge ала, ирзыманшәалоу аамҭазы  анахарала асессиа амҩаҧгаразы  рҽанырҵар рылшоит.

Иара убас, ари аплатформа ацхыраарала, Қырҭтәыла атәылауаа, анахарала Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ иеиҭамҵуа амал аархәар рылшоит.