Михаил Саакашвили – Сара аҭоурыхтә ҭакҧхықәра ду схы иадысҵоит, сара Қырҭтәыла аидҵареи Кавказ акзаара аиқәыршәареи аҿы ароль хада насыгӡар сылшоит  
Михаил Саакашвили – Сара аҭоурыхтә ҭакҧхықәра ду схы иадысҵоит, сара Қырҭтәыла аидҵареи Кавказ акзаара аиқәыршәареи аҿы ароль хада насыгӡар сылшоит  

«Сара Қырҭтәыла аидҵареи Кавказ акзаара аиқәыршәареи аҿы ароль хада насыгӡар сылшоит. Сара уи ҟасҵар сылшоит исымоу аҭоурыхтә аҧышәеи срепутациеи абзоурала», — иҳәеит Қырҭтәыла ахҧатәи ахада Михаил Саакашвили иахьатәи аӡбаратә процессаҿ, иара уи анахарала далахәын.

Саакашвили иажәақәа рыла, ҳаҧхьаҟа  — Қырҭтәыла аиқәырхареи аиҭаҿиара дуӡӡеи ҳзыҧшуп.

«Еиуеиҧшым аполитикатә акторцәа рҟынтә аӡбарақәа разыҧшра иахәҭам. Ҳәарада, сара аҭоурыхтә ҭакҧхықәра ду схы иадысҵоит, сара Қырҭтәыла аидҵареи Кавказ акзаара аиқәыршәареи аҿы ароль хада насыгӡар сылшоит. Сара уи ҟасҵар сылшоит исымоу аҭоурыхтә аҧышәеи срепутациеи абзоурала. Избанзар, арегион алидерцәа зегьы рҟны аимадара ҕәҕәа сымоуп.  Сара уи сшылшо здыруеит, аха, ақырҭуа жәлари аполитикатә мчқәеи рыцхыраара мацарала.  Сара аҭакҧхықәра схы иадысҵоит, аха ибзиаӡаны издыруеит аидгылара шакәу мчыс иҳамоу, аӡәы заҵәык ихала уи изыҟаҵом.  Излауа ала ирласны ари ахырхарҭала ацара ҳалагарц азыҳәан исылшо зегьы ҟасҵоит.  Иеиду Қырҭтәыла ахьыҟало иеиду Кавказ агеополитикатә ҵакы дуӡӡа змоу хәмарҩыс иҟалоит.  «Агәылқәа рреволиуциа» ашьҭахь Қырҭтәыла абри аҩыза хәмарҩыс иҟан. Анеҩс, ҳаҕацәа рыцхыраарала аконтрреволиуциа мҩаҧырган, ари астатус ҳамырхит. Ҳара, ҳҩызцәа ҳацырхрааны, ари астатус  ҳархынҳәуеит», — иҳәеит  Михаил Саакашвили.

Иара убас, иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аҭагылазаашьа анырыҧсахлак, Урыстәылаҟны авизатә режими амалтә еизыҟазаашьақәеи иџьбарахоит.

«Ҳҭоурыхаҿ зеиҧшҟамлац Қырҭтәыла аргылара аамҭа ааит. Давиҭ Аргылаҩи Ҭамар аҳҧҳәыси рхаан иҟаз Қырҭтәыла еиҕьу атәыла ҳаргылоит, избанзар, аҭагылазаашьа аҽаҧсахит, адунеиаҿ аглобализациа мҩаҧысуеит, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы ҳара ҳҷыдаҟазшьара ҳахьчоит. Ҳара абри аколониалтә рыцҳара ҳалҵуеит. Иаҳҳәап, иахьа Баҭым урысшәамзар акгьы уаҳауам. Қырҭтәыла аҭагылазаашьа аныҳаҧсахлак, Урыстәылаҟны авизатә режими амалтә еизыҟазаашьақәеи иџьбарахоит. Ҳтәыла ҳара иаҳтәуп», — иҳәеит  Михаил Саакашвили.