Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура - Ампыҵахалатә мчқәа Сачхере амуниципалитет иазааигәаны закәандарала иааныркылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ ихы дақәиҭуп
Ампыҵахалатә мчқәа Сачхере амуниципалитет иазааигәаны закәандарала иааныркылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ ихы дақәиҭуп, иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.
Амаҵзура аинформациа ишану ала, закәандарала иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ ихақәиҭтәра апроцесс аан активла ахархәара аман Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшцәа рмиссиаҿ аус зуа «ацәаҳәа ҷыда» амеханизми, иара убас, ацентртә напхгара рнапаҿы иҟоу иашьашәалоу ахархәагақәеи.
«Қырҭтәыла ацентртә напхгара, жәларбжьаратәи апартниорцәа рыцырхрааны, активла аусура нарыгӡоит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рхақәиҭтәразы», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.