Украина урыстәылатәи ақалақь Белгород иажәылеит

13:42, 25.01.2026

Украинатәи арбџьармчқәа  урыстәылатәи ақалақь  Белгород иажәылеит.

Аҭыҧантәи анапхгара рҳәамҭала, аибашьра алагара инаркны зегьы реиҳа иҕәҕәаз ажәылара мҩаҧган.

Ауаа акгьы рмыхьит, аха, ақалақьаҿ аенергетикатә инфраструктура аҧхасҭа ду аиуит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, украинаа ари ақалақь иалахысит азениттә аракетатә комплексқәа  «Хаимарс» рыла.

Еиԥшу