Гека Гелаӡе аермантә иколлега Андраник Симониани диԥылара
Гека Гелаӡе аермантә иколлега Андраник Симониани диԥылара.
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзура аиҳабы Гека Гелаӡе аделегациа ицны Ермантәыла Ареспублика официалла даҭааит.
Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзура излаанацҳауа ала, аҭаара аан Гелаӡе Ермантәыла Ареспублика амилаҭтә шәарҭадаратә Маҵзура анаԥхгаҩы Андраник Симониан диԥылеит.
Аиԥылараҿы аганқәа Қырҭтәылеи Ермантәылеи ирыбжьоу астратегиатә еиҩызара, арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьақәа, иҟоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Гека Гелаӡе аермантәи иҩыза иааирԥшыз асасдкыларазы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, насгьы Қырҭтәыла даҭаарц ааԥхьара ииҭеит», – ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.