Никол Ҧашиниан  - Самвел Карапетиани, Роберт Кочариани, Гагик Царукиани ашьауҕатә ҭакҧхықәра рыдҵатәуп
Никол Ҧашиниан  - Самвел Карапетиани, Роберт Кочариани, Гагик Царукиани ашьауҕатә ҭакҧхықәра рыдҵатәуп

«Анеҩстәи хәышықәса рзы Шәамахьтәыла аиҳабыра рзы аҧыжәара змоу ҳасабтәс иаанхоит Шәамахьтәылатәи ареспубликаҿы акриминал-олигархиатә система аҧыхра иазку  атәыла ауааҧсыра рыҳәара анагӡара», —  иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан.

Апартиақәа рлидерцәа  — Самвел Карапетиани, Роберт Кочариани, Гагик Царукиани  аус рыцура алшара иҟоума ианиазҵаа,  Никол Ҧашиниан иҳәеит:

«Сара сплан аҽаҧсахуам. Самвел Карапетиани, Роберт Кочариани, Гагик Царукиани аконкреттә усқәа рзы ашьауҕатә ҭакҧхықәра рыдҵатәуп.   Акриминалтә олигархцәа закәандарала идырҳаз амал рымхра апроцесс ирласӡаны имҩаҧгазароуп.

Акриминал-олигархиатә система ахаҭарнакцәа Шәамахьтәыла аполитикатә ҧсҭазаара аҽалархәра алшара рымамзароуп», — иҳәеит  Никол Ҧашиниан.