Шәамахьтәыла аиааира агап ҳәа сгәыҕуеит, адемократиа еснагь арегионатә усеицура иацхраауеит, насыҧла, иахьа Азербиаџьани ҳареи ҳабжьара аҭынчра шьақәгылоуп, Қырҭтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҕәҕәоуп, аганрацәалатә аизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп, – иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист изҵаара аҭак аныҟаиҵоз.
Иара иажәақәа рыла, «Трамп имаршрут» арегион атәылақәа зегьы хырҳагара рзаанагоит.
«Иара убас, Ҭырқәтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵареи адиломатиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылареи сақәгәыҕуеит. Агәра ганы сыҟоуп хара имгакәа Ҭырқәтәылеи ҳареи ҳабжьара аихамҩатә аимадара шалаго. Жәаҳәарала, жәларбжьаратәи аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи ирызку «Трамп имаршрут» арегион атәылақәа зегьы хырҳагара ду рзаанагоит. Ҳара Мрагылара-Мраҭашәара атранспорттә корридор мацара акәӡам иҳауа. Ари апроект Шәамахьтәылеи, Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Ирани хырҳагара ду рзаанагоит. Аиашаз, уи зҵакы дуу проектуп», – иҳәеит Ҧашиниан.
Иахьа Шәамахьтәыла апарламенттә алхрақәа мҩаҧысуеит.