Никол Ҧашиниан  - Евроеидгыла Шәамахьтәыла адкылара иақәшаҳаҭхар, убасҟан ауп Шәамахьтәыла Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аныҟанаҵо 
Никол Ҧашиниан  - Евроеидгыла Шәамахьтәыла адкылара иақәшаҳаҭхар, убасҟан ауп Шәамахьтәыла Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аныҟанаҵо 

Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан иҳәамҭала, Шәамахьтәыла Евроеидгыла алаларазы аофициалла азыҳәамҭа ҟанаҵарцаз аконкреттә ҭагылазаашьақәа иҟазароуп. Ҧашиниан арҭ аҭагылазаашьақәа еиқәиҧхьаӡеит.

„Арменпресс“ адыррақәа рыла, Ҧашиниан ари азҵаара далацәажәеит анапхгаратә партиа  „Атәылауаҩратә аиқәшаҳаҭхара“ алхраҧхьатәи апрограмма аӡыргараан.

„Шәамахьтәыла,  Евроеидгыла алаларазы иаҭаху арефомақәа рымҩаҧгара нанагӡоит. Шәамахьтәыла Евроеидгыла акритериқәа анынагӡалак, Евроеидгыла алалара – аполитикатә аӡбарахоит, Евроеидгыла Шәамахьтәыла адкылара иазыхиазаауа иазыхиамзаауа ауп ари азҵаара зхьыҧшу. Евроеидгыла иақәшаҳаҭхар, Шәамахьтәыла аофициалла азыҳәамҭа ҟанаҵоит, мамзар, хыхь сызлацәажәаз ареформақәа рынагӡара астратегиатә аихҳьӡарас иҧхьаӡахоит, избанзар, Шәамахьтәыла европатәи астандартқәа ирышьашәалазаауеит“, – иҳәеит Ҧашиниан.