Никол Ҧашиниан  - Иракли Кобахиӡе  аҭынчратә процесс дахьадгыло азыҳәан ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, Қырҭтәыла ацхыраарала Шәамахьтәылеи Азербаиџьани  рекономикатә еизыҟазаашьақәа еиҭашьақәдыргылоит,  аиашаз,  ари алагала даараӡа идууп 
Никол Ҧашиниан  - Иракли Кобахиӡе  аҭынчратә процесс дахьадгыло азыҳәан ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, Қырҭтәыла ацхыраарала Шәамахьтәылеи Азербаиџьани  рекономикатә еизыҟазаашьақәа еиҭашьақәдыргылоит,  аиашаз,  ари алагала даараӡа идууп 

«Иракли Кобахиӡе  Шәамахьтәылеи Азербаиџьани  рыбжьара аҭынчратә процесс дахьадгыло азыҳәан ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, ҳара ари адгылара лабҿаба иаабоит», — иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр  Никол Ҧашиниан ақырҭуа иколлега Иракли Кобахиӡеи иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы. 

Иара иажәақәа рыла, Шәамахьтәыла ари адгыларазы Қырҭтәыла иаҭабууп.

«Даҽа аиҧыларак аҽалархәра сара сзы ҳаҭыр дуупҕ Ари аформат Қырҭәтылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара аеокномикатә усеицура аиҳабырабжьаратә комиссиа  15-тәи аилатәара ахьӡуп. Уи алагьы иубарҭоуп ҳаизыҟазаашьақәа аҿиара ишаҿу. Ҳара иаҳа еиҕьу аекономикатә алҵшәақәа ҳаур ҳҭахуп. Иахьа ҳара 2 ганктәи аекономикатәи, арегионалтәи, жәларбжьаратәии аусхәаҧштә ҳалацәажәеит. Аусеицура арҭбааразы иаҳа апотенциал ахьҳамоу аусхкқәа ҳрылацәажәеит.

Иракли Кобахиӡе  Шәамахьтәылеи Азербаиџьани  рыбжьара аҭынчратә процесс дахьадгыло азыҳәан даҽазнык  ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, ҳара ари адгылара лабҿаба иаабоит.  Қырҭтәыла ацхыраарала Шәамахьтәылеи Азербаиџьани  рекономикатә еизыҟазаашьақәа еиҭашьақәдыргылоит,  аиашаз,  ари алагала даараӡа идууп. Ари алагалазы гәыкала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит», — иҳәеит Ҧашиниан.