Аихамҩа Ахалқалақи-Ҟарс, азербаиџьантәи аихамҩа еиҧшҵәҟьа, уажәшьҭа Шәамахьтәыналтә аекспорти аимпорти рзы ихиоуп, – иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан.
Иара иажәақәа рыла, ари ахҭыс атәыла аекономикатә ҧсҭазааразы аҵакы ду амоуп.
«Ақырҭуеи аҭырқәеи ҳпартниорцәа ҭабуп ҳәа расҳәоит», — иҳәеит Никол Ҧашинян.
Ҧашиниан иҳәамҭала, иахьазы Шәамахьтәыла, Қырҭтәылеи Азербаиџьани рҵакырадгьыл ала, Урыстәылеи Евроеидгылеи рҟны аихамҩатә аимадара амоуп. Иара убас, Урыстәылеи Казахстани рҵакырадгьыл ала Китаи аҟны аихамҩатә аимадара амоуп.
«Хара имгакәа, Шәамахьтәыла-Ҭырқәтәылеи Шәамахьтәыла-Азербаиџьани аихамҩатә цәаҳәақәа ааҳартуеит, анеҩс, Нахичевань иалсны ицо аихамҩала Иран аҟны аимадара ҳамазаауеит. Апроекта «Трамп имаршрут» абзоурала, хара имгакәа абарҭ ахҭысқәа ҟалоит — иҳәеит Никол Ҧашинян.