Никол Ҧашиниан  - Ҳара Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аконструктивтә процесс алагара ҳаҳәоит, ҳара уи  ҳазыҧшуп, ҳара ҳзы Қырҭтәыла   - Евроеидгылахь зхы рхоу мҩоуп 
Никол Ҧашиниан  - Ҳара Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аконструктивтә процесс алагара ҳаҳәоит, ҳара уи  ҳазыҧшуп, ҳара ҳзы Қырҭтәыла   - Евроеидгылахь зхы рхоу мҩоуп 

«Аиаша ҳҳәап,  уажәазы Евроеидгылахь Шәамахьтәыла аинтеграциа апроцесс зегьы реиҳа иаҧырхагоуп Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьара адиалог аанкылара. Ҳара ҳзы Қырҭтәыла  — Евроеидгылахь зхы рхоу мҩоуп. Ҳара Евроеидгыла алалара апроцесс алагара иазку азакәан анҳадаҳкыла Қырҭтәыла акандидат статус аиухьан», —  иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр  Никол Ҧашиниан Европарламентаҿ данықәгылоз. 

Ҧашиниан иҳәамҭала,  Шәамахьтәыла аҳәара ҟанаҵоит Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аконструктивтә процесс еиҭалагарц.

«Шәамахьтәыла  ауааҧсыра лассы-лассы иҳазҵаауеит атәыла Евроеидгыла алахәыс ианбаҟало ҳәа. Ҳара еилыкка аҭак ҟаҳҵоит. Евроеидгыла астандартқәа наҳагӡаанӡа атәыла ари аиҿкаара изалалом. Убри аҟынтә,  ҳара ареформақәа наҳагӡароуп.

Убри ашьҭахь 2 мҩак иҟоуп  — Евроеидгылахь ҳрыдыркылоит,  мамзаргьы ҳрыдыркылом.  Евроеидгыла арҭбаареи алахәыла ҿыц идкылареи азҵаара мариам,  уи аполитикатә аӡбарақәагьы ирыдҳәалоуп,  уи ибзиаӡаны еилыскаауеит.  Шәамахьтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟалар,  даараӡа ибзиахоит,  аха,  иҟамларгьы,  хырҳагара ду ҳауеит,  избанзар,  Евроеидгыла астандартқәа ирышьашәалоу тәылас ҳҟалоит.

Аха, гәаартыла исҳәар сҭахуп уажәазы Евроеидгылахь Шәамахьтәыла аинтеграциа апроцесс зегьы реиҳа ишаҧырхагоу  Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьара адиалог аанкылара. Ҳара ҳзы Қырҭтәыла  — Евроеидгылахь зхы рхоу мҩоуп. Ҳара Евроеидгыла алалара апроцесс алагара иазку азакәан анҳадаҳкыла Қырҭтәыла акандидат статус аиухьан. Уи абзоаурала, Шәамахьтәыла, Евроеидгыла алаларазы иаҳа аперспектива аиуит. Ҳара Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аконструктивтә процесс  аиҭалагара ҳаҳәоит. Ари азҵаара Қырҭтәылаз еиҧҵәқьа, Шәамахьтәылазгьы аҵакы ду амоуп», — иҳәеит  Никол Ҧашиниан.