Еврокомиссиа апресс-маӡаныҟәгаҩ иҳәамҭала, рашәара 11 рзы имҩаҧысуа аиҧылара  адипломатиатәи амаҵзуратәи паспортқәа змоу ахаҿқәа авизадатә режим рзаанкылара зыхҟьаз «амзызқәа раҧыхра» иазкызаауеит  
Еврокомиссиа апресс-маӡаныҟәгаҩ иҳәамҭала, рашәара 11 рзы имҩаҧысуа аиҧылара  адипломатиатәи амаҵзуратәи паспортқәа змоу ахаҿқәа авизадатә режим рзаанкылара зыхҟьаз «амзызқәа раҧыхра» иазкызаауеит  

Еврокомиссиа апресс-маӡаныҟәгаҩ иҳәамҭала, рашәара 11 рзы имҩаҧысуа аиҧылара  адипломатиатәи амаҵзуратәи паспортқәа змоу ахаҿқәа авизадатә режим рзаанкылара зыхҟьаз «амзызқәа раҧыхра» иазкызаауеит.

Еврокомиссиа агәаанагарала, Қырҭтәыла анапхгара роуранагӡара авизатә либерализациа апринципқәа еиланагоит, – иҳәеит Еврокомиссиа апресс-маӡаныҟәгаҩ  Маркус Ламмерт.

Иара иажәақәа рыла, рашәара 11 рзы Еврокомиссиа, авизатә режим иадҳәаланы, ақырҭуа аган рҟны атехникатә аиҧылара мҩаҧнагоит.

«2026 шықәса хәажәкыразы Еврокомиссиа адипломатиатәи аофициалтәи паспортқәа змоу ауаа авизадатә режим рзааннакылеит 12 мза рыла. Аиҿкаара иалоу аҳәынҭқаррақәа зегьы уи азы еиқәшаҳаҭхеит.  Авизадатә режим анааныркыло, Акомиссиа иашьашәалоу ахҧатәи атәылаҟны “ирҭбаау адиалог” мҩаҧнагоит, уи хықәкыс иамоуп авизадатә режим аанкылара зыхҟьаз «амзызқәа раҧыхра». Ари аконтекст аҿы,  Еврокомиссиеи Қырҭтәыла аофициалтә хаҭарнакцәа рделегациеи реиҧылара мҩаҧгахоит рашәара 11 рзы.

Еврокомиссиа агәаанагарала, Қырҭтәыла анапхгара роуранагӡара авизатә либерализациа апринципқәа еиланагоит.

Зыӡбахәы ҳәоу аиҧылара атехникатә ҟазшьа амазаауеит», — иҳәеит Ламмерт.