Каха Калаӡе  — Агәра ганы сыҟоуп Џьо Уилсон ахсаалаҿы Қырҭтәыла шизымҧшаауа  
Каха Калаӡе  — Агәра ганы сыҟоуп Џьо Уилсон ахсаалаҿы Қырҭтәыла шизымҧшаауа  

Қарҭ ахада Каха Калаӡе иҳәамҭала, атәым мчқәа ракәымкәа, ақырҭуа жәлар роуп атәыла аҩныҵҟа имҩаҧысуа апроцессқәа рзы анырра змоу. Калаӡе америкатә конгрессмен Џьо Уилсон иҟаиҵаз аҳәамҭа иазкны иазҵааит.

«Раҧхьа иргыланы, гәаартыла ишәасҳәар сылшоит –  атәым мчқәа ракәымкәа, ақырҭуа жәлар роуп атәыла аҩныҵҟа имҩаҧысуа апроцессқәа рзы анырра змоу. Апартиа  „Ақырҭуа гәахәтәы“ алахәыла иаҳасабала,  аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳпартиа иаднакылаз аӡбарақәа срызгәдууп, избанзар, ақырҭуа жәлар амчра рзыхынҳәуп. Ақырҭуа жәлар рхала ирыӡбоит наҟ-наҟ атәыла анапхгара знапы ианырҵаша.

Џьо Уилсон хшыҩзышьҭра изутәым, ахсаала ишәырбар, агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәыла шизымҧшаауа», — иҳәеит  Каха Калаӡе.