Апрокуратура агәыҧтә мчылара аиҿкаареи анапхгара азуреи афакт азы Бачо Ахалаиа ахара иднаҵеит
Апрокуратура агәыҧтә мчылара аиҿкаареи анапхгара азуреи афакт азы Бачо Ахалаиа ахара иднаҵеит

Қырҭтәыла апрокуратура агәыҧтә мчылара аиҿкаареи анапхгара азуреи  афакт азы Бачо Ахалаиа ахара иднаҵеит.

Апрокуратура аинформациала, Ахалаиа ахара идуп ашьауҕатә закәанеидкыла 225-тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭала, уи ала иазҧхьагәаҭоуп 9 шықәсанӡа абаандаҩтәра.

„Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рҿы имҩаҧысуа аусеилыргара ишышьақәнаргылаз ала, ахара зду Ахалаиа, атехникатә мобилтә аимадара ала, еиҿикаауан, иара убас, анапхгара азиуан Паата Бурҷулаӡеи,  Мурҭаз Зоделавеи, Иракли Надираӡеи, Паата Манџьҕалаӡеи, Лаша Бериӡеи, егьырҭ ахаҿқәеи иҟарҵоз ацәгьаура. Лымкаала, иара, Қырҭтәыла аконституциатә аиҿкаара мчыла аҧсахреи аҳәынҭқарра анапхгара рыхҳәареи азы ааҧхьара аҟаҵареи аҵакы ҷыда змоу астратегиатә обиект мчыла агара аҽазкра апроцесси анапхгара азиуан.

Бачо Ахалаиа ахара идуп ашьауҕатә закәанеидкыла 225-тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭала, уи ала иазҧхьагәаҭоуп 9 шықәсанӡа абаандаҩтәра.

Апрокуратура, Ахалаиа изы аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала абаандаҩтәра иқәҵара аҳәарала аӡбарҭа иадҵаалоит азакәан ала ишьақәыргылоу аҿҳәара аҳәаақәа ирҭагӡаны“, – иануп аинформациаҿы.