Апрокуратура  - Аконституциатә аиҿкаашьа мчыла аҧсахразы ма аҳәынҭқарра анапхгара рыхҳәаразы ааҧхьара ҟазҵоз 64ҩык ирыдҵатәу ахара цқьа аилкаара апроцедура мҩаҧысуеит
Апрокуратура  - Аконституциатә аиҿкаашьа мчыла аҧсахразы ма аҳәынҭқарра анапхгара рыхҳәаразы ааҧхьара ҟазҵоз 64ҩык ирыдҵатәу ахара цқьа аилкаара апроцедура мҩаҧысуеит

Апрокуратура адыррақәа рыла,  2025 шықәса жьҭаара 4 рзы Қарҭ, ахаланапхгаратә алхрақәа анымҩаҧысуаз аамҭазы, гәыҧҩык рыла астратегиатә обиект мчыла агара аҽазкреи, агәыҧтә мчылара аиҿкаареи аҽалархәреи, иара убас, Қырҭтәыла аконституциатә аиҿкаашьа мчыла аҧсахразы ааҧхьара аҟаҵареи азы,  64ҩык ирыдҵатәу ахара цқьа аилкаара апроцедура мҩаҧысуеит.

Аусеилыргаратә орган аинформациа инақәыршәаны,  63ҩык ирыдырҵо ахара цкьа аилкаара иаҿуп  ацәгьауратә усқәа рформулировкақәеи рыхҳәаақәеи рганахьала   — араҟа аквалификациа рыҧсахуам. Ахара зду даҽаӡәы  — Нана Сандерс лзы ахарадҵара аилкаара иаҿуп аквалификациа аганахьалагьы.

«Уаанӡа лара агәыҧтә мчылара аиҿкааразы ахара лыдын, аха,  уажәы ахара лыдырҵоит Қырҭтәыла аконституциатә аиҿкаашьа мчыла аҧсахреи аҳәынҭқарра анапхгара рыхҳәареи азы ааҧхьара аҟаҵаразы. Ашьауҕатә усқәа рзы аусеилыргара мҩаҧысуеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Акриминалтә полициа адепартамент хадаҿы», — иануп аинформациаҿы.