Апрокуратура Мелиқишвили имҩадуаҿ имҩаҧысуаз акциаан аполицаицәа рықәлара аазырҧшуа авидеонҵамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла апрокуратура, Қарҭ, Мелиқишвили имҩадуаҿ имҩаҧысуаз акциаан аполицаицәа рықәлара афакт азы хаҿык ахара иднаҵеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра имҩаҧнагаз аусеилыргара ала ишьақәыргылан ахара зду ауаҩы, абҵара 19 рзы, Қарҭ, Мелиқишвили имҩадуаҿ имҩаҧысуаз акциаан, хҩык аполицаицәа алабала дышрысуаз, аполициа аусзуҩцәа еиуеиҧшым аахақәа роуит.
Аминистрра ари афакт аазырҧшуа авидеонҵамҭа аланарҵәеит.
Азинхьчаҩцәа ахара зду ауаҩы абҵара 21 рзы дааныркылеит. Иара ахара идуп Қырҭтәыла ашьауҕатә закәанеидкыла 353-тәи прима ахәҭаҷ ала (аполициа аусзуҩ имаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡараан иқәлара). Уи азыҳәан 4 шықәса инаркны 7 шықәсанӡа ахақәиҭра аҧкра иазҧхьагәаҭоуп.