Азинхьчаҩцәа Русҭавели имҩадуаҿ акциа алахәылаҩцәақәак ааныркылеит
Азинхьчаҩцәа Русҭавели имҩадуаҿ акциа алахәылаҩцәақәак ааныркылеит

Азинхьчаҩцәа Русҭавели имҩадуаҿ акциа алахәылаҩцәақәак ааныркылеит.

Аполициа ахаҭарнакцәа акциа алахәылацәа ааныркылеит дара амҩа аартразы  азинхьчаҩцәа иҟарҵаз аҳәара анынарымгӡа ашьҭахь.

Уаанӡа акциа алахәылацәеи амашьынақәа рырныҟәцаҩцәеи аимак рыбжьалеит. Акциа алахәылацәа амашьынақәа аиасра алшара рырҭомызт, анеҩс, акциа алахәылак апатрультә полициа амашьына  ахыбашҟа дхалеит.

Уажәазы Русҭавели имҩадуаҿ автотранспорт аиҭаҵра еиҭашьақәыргылоуп, апарламент аҧхьа акциа инагӡаоит.