Русҭавели имҩадуаҿ апротесттә акциа мҩаҧысуеит.
Акциаҿ иҟоуп аоппозициатә политикатә партиақәеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи.
Апартиа „Лело“ алахәылацәеи рыдгылаҩцәеи Марџьанишвили ихьӡ зху аметростанциа аҟынтәи шьапыла Русҭавели имҩадуахь инеит.
Акциа алахәылацәа рҳәамҭала, дара „Ақырҭуа гәахәтәы“ иддырбар рҭахуп Қырҭтәыла аиқәырхаразы ақәҧара ишаҟәымҵыз, еидгыланы аиааира шырго.


