Аполициа аусзуҩцәа  иацы Қарҭ имҩаҧгаз апротесттә акциа алахәылацәақәак аполициа аҟәшахьы иргеит
Аполициа аусзуҩцәа  иацы Қарҭ имҩаҧгаз апротесттә акциа алахәылацәақәак аполициа аҟәшахьы иргеит

Аполициа аусзуҩцәа  иацы Қарҭ имҩаҧгаз апротесттә акциа алахәылацәақәак аполициа аҟәшахьы иргеит. Уажәазы иҟоу аинформациала, арҭ ауаа Русҭавели имҩаду аркра рхарарҵоит.

Асоциалтә аҳаҿы аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, иаанкылоу иреиуп ажурналист Вахо Санаиеи, активистцәа Лаша Чхартишвилии Леван Џьобавеи.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ари азҵаара иадҳәаланы макьана аофициалтә информациа цәырнамгӡацт.