Аиҳабыра радминистрациа аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧысуеит
Аиҳабыра радминистрациа аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧысуеит

Диушшен ичымазара змоу ахәыҷқәа рҭаацәа аиҳабыра радминистрациа аҧхьа акциа мҩаҧыргоит. Дара атәылашҟа ахәшә ҿыцқәа раагареи, аҳәынҭқарра ала аҧара рзоушьҭреи, апациентцәа агәаҭарақәа рзымҩаҧгареи иаҳәоит. Акциа алахәылацәа рҳәамҭала, ари ачымазара иаҳа еиҕьны ахылаҧшаразы аҳақьымцәа рмультидисциплинатә гәыҧ еиҿкаатәуп. Диушшен ичымазара лассы-лассы иуҧымло чымазароуп. Қырҭтәыла ари адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп  100ҩык раҟара ахәыҷқәа.