Акциа алахәылацәа аҳәынҭқарратә университети Костава имҩеи рҟынтә Русҭавели имҩаду ашҟа аныҟәара мҩаҧыргеит  
Акциа алахәылацәа аҳәынҭқарратә университети Костава имҩеи рҟынтә Русҭавели имҩаду ашҟа аныҟәара мҩаҧыргеит  

Қарҭ акциа мҩаҧысуеит. Уажәы акциа алахәылацәа Русҭавели имҩаду ашҟа идәықәлеит.

Аханатә дара аҳәынҭқарратә университети Костава имҩеи рҿы еизеит.

Акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, иахьатәи ракциа   2024 шықәса абҵара 28 рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәалоуп.

Акциа иалахәып аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәагьы.  „Амилаҭтә ҵысра“ ахантәаҩы Ҭина Бокучава ишылҳәаз ала, ақырҭуа жәлар хымҧадда евроинтеграциа апроцесс нарыгӡоит, ари апроцесс аҵыхәанӡа инаргоит.

„Шықәсык аҧхьа Иванишвили иҳәеит иара ирежим ахаан Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш ишамоуа, сара 2012 шықәса инаркны уи здыруан. Қырҭтәыла, иаартны, ҳажәлари ҳҿари иалырхыз евроинтеграциа апроцесс ааннакылеит.  Ақырҭуа жәлар хымҧадда евроинтеграциа апроцесс нарыгӡоит, ари апроцесс аҵыхәанӡа инаргоит“, – илҳәеит Ҭина Бокучава.