Қарҭ агәҭаны апротесттә акциа мҩаҧысуеит
Қарҭ агәҭаны апротесттә акциа мҩаҧысуеит

Қарҭ агәҭаны апротесттә акциа мҩаҧысуеит —   «Аҵыхәанӡа, аиааиранӡа» адевизла имҩаҧысуа аныҟәара иалахәып аполитикцәагьы.

Акциа алахәылацәа Қырҭтәылеи, Евроеидгылеи, Америкеи рбираҟқәа ркуп.

Аныҟәара далахәып Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвилигьы.

Апротесттә ныҟәара алахәылацәа ишырҳәаз ала, дара ииашоу алхрақәеи атәыла европатәи аҧеиҧши иазықәҧоит, иара убас, иаанкылоу ауаа рхақәиҭтәра иаҳәоит.

Амитинг алахәылацәа рҳәамҭала, ақырҭуа жәлар аиааира ргаанӡа, апротест нагӡахоит.