Апарламент аԥхьа имҩаԥысуаз акциаҿ гәыԥҩык атәылауаа ааныркылеит, урҭ дреиуп Елене Хоштариа
Апарламент аԥхьа имҩаԥысуаз акциаҿ гәыԥҩык атәылауаа ааныркылеит, урҭ дреиуп Елене Хоштариа

Апарламент аԥхьа имҩаԥысуаз акциаҿ гәыԥҩык атәылауаа ааныркылеит, урҭ дреиуп Елене Хоштариа. АҩАР аинформациала, урҭ административтә ҵасла ааныркылеит.

Акциа алахәылацәа амҩа аркра рҽазыркит, аха аполициа аусуҩцәа ари азин рырымҭеит.

Уаанӡа азакәанхьчаҩцәа Қырҭтәыла апарламент аԥхьа имҩаԥысуаз акциаҿ административтә ҵасла ҩыџьа атәылауаа ааныркылеит.

Апарламент аԥхьа акциа иалагеит апарламент аҿы Аамҭалатәи аусԥшааратә комиссиа аилатәара анымҩаԥысуаз аамҭазы. Акциа алахәылацәа ражәақәа рыла, акомиссиа алахәылацәа ақырҭуа ар рықәыӡбара ауп хықәкыс ирымоу. Ари адкылашьа амам.

Қырҭтәыла апарламент аҿы “2003-2012 шықәсқәа рзы арежими усҟантәи аполитикатә усзуҩцәеи русзура” аҭҵааразы иаԥҵаз апарламенттә комиссиа иахьатәи аилатәараҿ 2008 шықәсзы Қырҭтәыла абџьармчқәа рыштаб иалаз аҭынчратә операциақәа рыштаб еиҳабы Мамука Ҟурашвилии 2004-2006 шш. рзы аҳәынҭминистр иҭыԥ аанызкызылоз Гога Хаиндравеи рҿахәы иҿырхит. Иара убас, иахьа акомиссиаҿ апарламент авице-спикер Гиа Вольски, уи 2004-2006 шш. рзы аҳәынҭминистр ихаҭыԥуаҩс дыҟан.