Апрокуратура Ника Мелиа ахара иднаҵеит апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа амнеиразы
Апрокуратура Ника Мелиа ахара иднаҵеит апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа амнеиразы.
Апрокуратурашҟа даннеи ашьҭахь Ника Мелиа ишиҳәаз ала, аконкреттә ус алацәажәара иахәҭам. Иара иажәақәа рыла, «аҵыхтәантәи ашықәсқәа рзы атәыла анапхгара иҟарҵоз зегьы изакәаным».
«Арежим ахаҭарнакцәа режимда анхара шрылымшо ҳдыруеит, аха, хара имгакәа ари атәылаҿ адемократиатә напхгараҭара ашьцылара рықәшәоит. Агәра ганы сыҟоуп хара имгакәа ари атәыла аҧеиҧш шыӡбахо», — иҳәеит Ника Мелиа.